АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа Гәдоуҭеи Аҟәеи ррезервистцәа азыҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ахьчаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар иажәақәа рыла, арҭ рҩызцәа аҽазыҟаҵарақәа еиҳа алҵшәа рымоуп урҭ анымҩаԥысуа аҭагылазаашьа аибашьратә ҟазшьа ананыԥшуа.
Арезервистцәа абџьар ахархәараҟны рԥышәа еиздырҳауан Алада Ешыра ахысрадәы аҿы.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит атәылауаа аибашьра разыҟаҵареи арратә ҽеизакра разхиазаара аиӷьтәреи рзы аусҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны.