Аԥсны

АЦә "Аҽгәара" иадырсыз ашьаҟахь афымцацәаҳәа анагараз аусурақәа хыркәшоуп

Авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" арҽеиратә усурақәа рҳәаа иҭагӡаны абҵара 8 рзы Кохора ақыҭан иназыцҵоу афымцатә шьаҟа арсын.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Аенергетикцәа авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны иадырсыз иназыцҵоу ашьаҟахь афымцацәаҳәа анагараз аусурақәа хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
"Кохора ақыҭан ихыркәшоуп авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" иадырсыз иназыцҵоу ашьаҟа аҟны афымцацәаҳәа анагаразы ицоз аусурақәа. Иара убас ихыркәшоуп Бедиа ақыҭан ацәаҳәақәа рырххара", - ҳәа аҳәоит ааҳәамҭаҿы.
Уажәы ацәаҳәаҿы хәҭа-хәҭала афымцамчхара аусура иацырҵалоит.