Абҵара 5 раахыс Гагра араион аҿы инхоз аԥҳәыс Ҳашԥсытәи аҩхааҿы аԥшааҩцәа лышьҭан. Иахьа аԥҳәыс лыԥсыбаҩ рбеит. Лара ақәыкәбааҟәшәара ҳәа ҭелда аҩны ддәылҵит. АҶА Гагратәи аҟәша аиҳабы Давид Бганба арадиоефир аҿы иҳәеит, дарбанзаалакгьы абнахь амҩа иқәло ауаҩы адырра ҟаиҵар шахәҭоу, анаҩс иԥшаара алыршахарцаз.
Бганба иҳәеит излацо ахырхарҭа адагьы, иаарц ргәы ианҭоу аамҭагьы аанрыжьларц шахәҭоу, анаҩс рымҩа иацәыхҟьаргьы рыԥшаара иаҳа ишымариахо.
Аиқәырхаҩ еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ауааԥсыра иахьцо азы аинформациа шаанырмыжьуа, амҩа рдыруеит ҳәа ирыԥхьаӡоит, рхы иақәгәыӷәуеит, аха убри аан амашәыр ианир алшоит ҳәа иҳәеит Бганба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.