Аԥсны

Ҩыџьа ауааԥсыра аахақәа роуит Аҟәа амҩан иҟалаз амашәыр аҟны

Амҩан х-машьынак злахәыз амашәыр ҟалеит Аҟәа абҵара 8 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Аҟәа амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны хаҵаки ԥҳәыски Ареспуликатә хәшәтәырҭахь иааган ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа.
Амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҩыџьа ауааԥсыра рхы, рхахәда ахәахәарақәа аиуит. Аҳақьымцәа раԥхьатәи ацхыраара анрырҭа аҩныҟа иоужьҭын амбулатортә ҽыхәшәтәрыла.
Аҟәа Ӡиӡариеи Абазақәеи рымҩақәа реихысарҭаҿы х-машьынак еиҿасит абҵара 8 рзы.