АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Аангыларҭақәа "Аӡҩыбжьеи" "Драндеи" рыҟны аихамҩаҵҵақәа еиҭашьақәдаргылоит. Абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура "Аԥснытәи аихамҩа" шьаҭас иганы.
"Аԥснытәи аихамҩа" ала ииарго аидара акыр еизҳаит. Аҟазацәа хархәарада иҟоу еимыхны ихымԥадатәиу аихамҩатә ааҭгыларҭақәа еиҭашьақәдаргылоит аивысырҭатә ҭыԥқәа резарҳаразы.
Аԥснытәи аихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа иазгәеиҭеит уаанӡа аихамҩатә ааҭгыларҭақәа рыҟны 6-8 еивысырҭа аус руазҭгьы иахьа акы ишеиҳам.