Акомпиутер ҷыда адунеи аҵыхәтәа ианазыԥштәу атәы аҳәеит

Акомпиутер ҷыда World One ацивилизациатә закәанеизшәарақәа разԥхьагәаҭара иазкуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Акомпиутер World One адунеи аҵыхәтәа ианазыԥштәу атәы аҳәеит ҳәа аанацҳауеит британиатәи аҭыжьымҭа The Daily Star.
Аԥхьаӡарақәа инарықәыршәаны иахьатәи ацивилизациа аҵыхәтәа ԥҵәар алшоит 2050 шықәсазы. Мзызны иазыҟалоит иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара аҟьышьреи уи ахҟьаԥҟьақәеи.
" 2040 - 2050 шықәсқәа рыҩнуҵҟа иахьазы иаадыруа ацивилизациатә ԥсҭазаара аҟазаара хыркәшахоит", - ҳәа аҳәоит азԥхьагәаҭараҿы.
Убри аан иазгәаҭоуп, аҭагылазаашьа аҽшеиҭанамкуа зекологиа цқьоу автомашьынақәа рахь аиасреи аира ахылаԥшреи алыршахаргьы.
Акомпиутер ҷыда аԥҵан 1970-тәи ашықәсқәа раан Римтәи аклуб аҿаҵарала.