АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Алашарбага араион аҟны  абҵара 9 инаркны 13-нӡа атроллеибусқәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара.
Аҟәа, Адлеиба имҩаҿы ақәаршыҩцарҭатә коллектор ашьҭаҵараз аусурақәа инарыдҳәаланы аԥкрақәа алагалоуп. Аусурақәа рышьҭахь амшцәгьақәа раан  аӡқәа реизарҭа аԥыххоит.