Изеиԥшрои ҳтәылаҿы аҭагылазаашьа, астатистика иҳаднагало ахыԥхьаӡарақәа арбану, ковид инаҷыданы аамҭатә вирустә чмазарақәа аларҵәара абанӡарымоу? Арҭқәа ртәы еиҭалҳәеит атәыла атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
COVID-19 аштамм ҿыцқәа ҩба аарԥшуп Урыстәыла. Урҭ руак "омикрон" аштамм "цербер" ауп. Иҟалоит аштаммқәа ирццакны атәыла иалаҵәар ҳәа лҳәеит Роспотребнадзор ахада Анна Попова.
"Иаци иахьеи COVID-19 зыхьуа ачымазцәа ҳзалымкааӡеит, абак-лабораториаҟны иарбан ачымазцәа рхыԥхьаӡара ишацымлаз, аха жьҭаарамзазы иҟан 150-ҩык ачымазҩцәа, цәыббрамзазы 1300-ҩык иреиҳан, убри аҟынтәи иаҳбоит ахыԥхьаӡара шмаҷхо. Ҳазҭалаз абҵарамзазы аамш рыла хәҩык роуп иалҳкаахьоу. Макьана ахыԥхьаӡара иацлаӡом, уи угәы иаахәаратәы иҟоуп, аха ари ачымазара хынтә-ԥшьынтә иҟалахьеит имаҷхоит шаҳҳәо еиҭах ианцәырҵуа, убри аҟынтәи ҳгәаҳҽанызароуп", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа убасгьы илҳәеит COVID-19 аштамм ҿыцқәа иреиуоу "цербер" еиԥш иҟоу алкааразы макьана алшара шыҟам ҳҭәылаҿы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.