АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭатәи "Риҵа" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа иаиааит аҟәатәи акоманда "Нарҭ" ианацхәмаруаз 4:2 ҳәа.
Ахәмарра иалагеит аҳҭнықалақь ашьапылампыласыҩцәа ржәыларала. 13-тәи аминуҭ азы "Риҵа" амба ампыл ҭаиршәит "Нарҭ" ахәмарыҩ Ҭемыр Агрба.
"Риҵа" уи аҭакс изындаҭлоз рымба аҿаԥхьа изныкымкәа аҭагылазаашьа аруадаҩит, аха актәи атаим азы ампыл аҭаршәра алымшеит.
Аҩбатәи атаим алагамҭаз "Риҵа" ахәмарыҩ иман алшара ампыл аҭаршәраз, аха амбахьчаҩ ампыл ааникылт. Анаҩстәи ажәылараан гәдоуҭаа усгьы ирылдыршеит ампыл амба аҭаршәра. Ампыл ҭеиршәит ахәмарыҩ Енри Мықәба.
Анаҩс акомандақәа еиваҟәало инеиуан, аха аамҭақәак рышьҭахь аҟәатәи ахәмарыҩ Инал Чкадуа ампыл еиҭаҭаиршәит.
Аамҭа-цҵа аҵыхәтәантәи аминуҭ азы "Риҵагь" аҭакҟаҵара иахьӡеит. Ампыл ҭаиршәит Виктор Ԥимԥиа.
Абри ашьҭахь ихыркәшахеит ахәмарра аамҭа хада. Иаиааиз ишьақәыргылараз 15-15 минуҭ иҟаз ҩ-таимк ацҵахеит. Аамҭацҵа алагамҭаз ампыл ҭаиршәит гәдоуҭатәи ахәмарыҩ Аинар Гамсаниа. Аха аӡбаҩ уи аԥҟаррақәа еилеигеит ҳәа ишьаны иазимԥхьаӡаӡеит.
Минуҭқәак ааҵуаны "Риҵа" ахәмарыҩ Леон Аиба илиршеит ампыл аҭаршәра. Анаҩс "Риҵа" аҽа мпылкгьы аҭаршәра алнаршеит. Ахәмарра хыркәшахеит 4:2 ҳәа. Абас ала гәдоуҭатәи акоманда Аԥсны Ахраҿа агеит.
Уаанӡа "Риҵа" Ахраҿа аиухьан 2015 шықәсазы, "Нарҭ" – 2019 шықәсазы. 2021 шықәсазы Ахраҿа анашьан акоманда "Гагра".