Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи авиациа УАМ атактикатә гәыԥқәа ҩба ааха рырҭеит

Аӷа урыстәылатәи апозициақәа рыжәлара иҽазишәеит Харковтәи аобласт аиланхарҭа Берестовое, ЛЖәР аиланхарҭа Новоселовское рҿы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Купиансктәи ахырхарҭаҿы Урыстәылатәи авиациа УАМ ар ртактикатә гәыԥ ирыжәлеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Иара убасгьы ари ахырхарҭаҿы УАМ амотшьаҟатә баталион ажәылара аԥырҟәҟәаан. Абаталион атанкқәа рыла ЛЖәР аиланхарҭа Куземовка ахь рхы рханы инеиуан.
Иҭархоуи ихәуи рхыԥхьаӡара 160-ҩык ыҟоуп, ҩ-танкк, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ҩба ааха рыҭоуп.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ амотошьаҟауаа рбаталионқәа ҩба ржәылара аԥырҟәҟәаауп ЛЖәР аиланхарҭақәа Плошьанкеи Червонопоповкеи рҟны, иҭархоуп 100-ҩык аруаа, х-танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа жәаҩа, акәылӡытранспортиорқәа хәба, апикапқәа ҩба, автомашьынқәа ҩба, МТ-ЛБ акы.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ ҩынтә ажәылара рҽазыршәеит ДЖәР аиланхарҭақәа Новомихаиловкеи Павловкеи рҿы, аха илҵшәадахеит. Иҭархоуп 90-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа хәба, апикапқәа ҩба, МТ-ЛБ акы.
Николаево-Криворожтәи ахырхарҭала украинатәи ар ааха рыҭоуп, иаԥырҟәҟәаауп адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа аҽыхьчаратә тыл ралалара. Иҭархоуп 50-ҩык украинатәи аруаа, акәылӡмашьынақәа бжьбеи еиуеиԥшым автомашьынақәа жәабеи.
Уахыки-ҽнаки рыла аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа УАМ анапхгараҭарҭақәа ԥшьбеи, 64 артиллериатә еиҵаҟәшақәеи, 192 раион рҿы аруааи арратә техникеи ааха рыҭоуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Херсонтәи аобласт аҿы аӷа ижәыларақәа ԥхьарцеит
Иԥжәоуп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа, арратә техника абылтәышьҭаҵарҭа, РСЗО С-300 арадиолокацитә станциа, азенит-ракетатә комплекс "Бук-М1", арадиолокациатә станциа AN/TPQ-64 (америкатәи аҭыжьымҭа).
Иара убасгьы ааха рыҭоуп УАМ артиллериатә взводқәа хԥа, икажьуп украинатәи авертолиот Ми-24. Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа аҳаирплан Су-25, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа быжьбеи карыжьит, еиԥдырҟьеит РСЗО"HIMARS", "Ольха" рыхгәыцәқәа рыԥырра.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аррамаҵурауаа шәҩык инреиҳаны Киев зхылаԥшуа адгьылҵакыра аҟынтәи ирхынҳәуп