Ахьаца еиҳарак аԥхара ибзианы иаанашьҭуеит, нас ақәыцҵла, аџь иҳәеит аиҿцәажәараҿы Џьергьениа. Убри аан апарк аҿы еизҳауа еиҳарак ашәҵлақәеи ахьаҵлақәеи роуп. Ара иааны амҿы илырго ҳәа ахҭысқәа ҳрықәымшәацт ҳәа иҳәеит иара.
"Анхаҩы амҿы иахьҭигаша идыруеит, аха ақалақь аҿы иҟоу, аҩны ԥечкақәа змоу рацәаҩуп, дара ирҭахуп амҿы, аха илырхыр ахьауа аҭыԥқәа азалхӡам. Ари абнатә нхамҩақәа иҟарҵозароуп. Ауаҩы амҿы ахьылихшыша аҭыԥқәа идыруазароуп", - ҳәа иҳәеит Џьергьениа.
Риҵатәи амилаҭтә парк абнахылаԥшҩы иара убасгьы абнақәа реиҭашьақәыргалара азҵаара далацәажәеит, иҳәеит ауаҩы ԥырхага аимҭар ахҿарах шгыло.
"Ҳхала кьыс ҟаҳамҵар, абнақәа рҿы ҳахьныҟәо иаҳбоит ахала ишҿио. Амҿы згогьы аҿа игыло акәымкәан ишахәҭоу илихыр, абнақәа рымацара иазҳауеит ҳәа агәаанагара сымоуп. Аҵла еизҳароуп, ижәпахароуп. Ҽнак уԥечка абоит ҳәа аԥҟара аҭахым. Амилаҭтә парк аҿы иҳахьчоит аҵлақәа, икаҳақәаз акык-ҩбак раҳҭоит акәымзар егьыс, ауааԥсыра иахьахәҭоу аҭыԥқәа раҳәаны амҿы рыҭатәуп, мап анакәха дара рхала иаарбо ԥырҟалоит", - ҳәа иҳәеит Џьергьениа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.