Аԥсны

Бжьаниа: Аԥсни Урыстәылеи реизааигәахара аус ҵшәаара ақәым

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла ауааԥсыра рҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи реизааигәахара аус ҵшәаара ақәым, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
"Аԥсны - Кавказ арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәара апроцесс аҿы хра злоу тәыланы иҟоуп. Ҳаргьы иҳалшо ҟаҳҵоит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы иҿиаларц, уи ҳажәларқәа рзы ихәарҭахарц", - иҳәоит атәыла ахада.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҳалшеит афинанс-економикатә, абанктә, агәабзиарахьчаратә, акультуратә, атәылахьчаратә, аконституциатә закәанԥҵара русхкқәа рҟны аиҭакрақәа рымҩаԥгара, азгәеиҭеит Бжьаниа.
Атәыла анапхгара ирылшеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны иҟаз ауадаҩрақа риааира, уи ала атәыла аҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа азнархиеит.