Аԥсны

Бжьаниа еиҭеиҳәеит Аԥсни Белоруссиеи ганрацәала реизыҟазаашьақәа аҿиарахьы ианиасуа

Белоруссиа ахада Александр Лукашенко раԥхьаӡакәны Аԥсны даҭааит цәыббра 28 азы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Белоруссиеи аҽа тәылаки рыбжьара шықәсыктәи атауареикәыршара 50 млн доллар иартәозар, уа Ацҳаражәҳәарҭа аартхоит ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко иажәақәа игәаларшәо.

"Белоруссиа Очамчыра араион аҿы 50 млн доллар иреиҳау апроект анагӡара иаҿуп. Сгәы иаанагоит, уи анхыркәшахо аамҭазы ҳаизыҟазаашьақәа аполитикатә хырхарҭақәа ҳарзааҭгылап ҳәа", - иҳәеит Бжьаниа.

Бжьаниа иазгәеиҭеит, Лукашенко дшазыхио Аԥсныҟа ақыҭанхамҩатә техника аашьҭра, ализинг аформалагьы.