АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Еиду урыстәылатәи ар ргәыԥ адҵаҟаҵаҩ Сергеи Суровикин иажәадгала дақәшаҳаҭхеит Херсонтәи аобласт аҿы Днепр армарахьтәи аган ала ахырӷәӷәарҭақәа реиҿкааразы.
"Ганрацәала иҟоу аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаны ахырӷәӷәарҭақәа Днепр армарахьтәи аган аҿы реиҿкаара аԥсаны иԥхьаӡоуп. Ари имариоу ӡбарам. Аха убри аан ҳара аибашьцәа еиқәҳархоит, ар рылшамҭа шыҟоу иаанхоит. Арыӷьарахьтәи аган аҿы уи аҩыза алшара маҷуп. Уи адагьы егьырҭ ахырхарҭақәа рахь инеиша арезерв ҟалоит", - ҳәа иҳәеит Суровикин.
Иара иазгәеиҭеит "хара имгакәа ар рманиовр шымҩаԥгахо, Днепр аӡиас армарахьтәи ахәҭаҿы архәҭақәа анџьныртә еиҿкаара змоу, иазырхиоу ахырӷәӷәарҭақәа рахь ишиасуа"
"Херсони иара иаԥну аиланхарҭақәеи ирылшом ишахәҭоу абзазара аиҿкаара, ауаа рыԥсҭазаарақәа еснагь ашәарҭара иҭагылоуп", - ҳәа иҳәеит Суровикин.
Иара инаҵшьны иҳәеиҭеит УАМ Каховтәи аӡеизакырҭа иааҟәымҵӡакәан ишеихсуа. Уи адамба ԥжәаны аӡхыҵра ду ахь икылнагар шалшо. Иҟалоит аԥсҭбарақәа рацәахар, Днепр арӷьарахьтәи аган аҿы игылоу ар ҭахкаахар.
Адҵаҟаҵаҩ иара убасгьы иазгәеиҭеит, аӷа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәеи, ашколқәеи, ахәшәтәырҭақәеи уҳәа ахыбрақәа дышриехсуа.
Иахьазы арегион аҟынтәи иалгоуп 115 000-ҩык ауааԥсыра.
Суровикин иара убасгьы иҳәеит аинырра ацәаҳәа зегьы аҟны урыстәылатәи аруаа қәҿиарала аӷа ижәыларақәа шаԥдырҟәҟәаауа.