Аԥсны

Аиқәырхаҩцәа иӡны иҟаз Баӷмаран ақыҭа анхаҩы дырԥшааит

Иӡны иҟаз ахаҵа Денис Кәартаа иуацәеи иҭынхацәеи АҶА аиқәырхаҩцәа инарывагыланы ҩ-сааҭк инеиҳаны иԥшаара иаҿын.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа иӡны иҟаз Баӷмаран ақыҭа анхаҩы дырԥшааит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Денис Кәартаа аҩны дындәылҵны дцеит, дахьыҟаз еилкаамызт.
Аԥшаарақәа ирылагеит 14:00 сааҭ рзы. Асааҭ 18:35 рзы иӡыз дырԥшааит, уи аҩныҟа дааргеит.