Аԥсны

Алашарбага араион аҟны ақәаршыҩцарҭатә коллекторқәа рышьҭаҵара хыркәшахоит

Алашарбага араион аҟны Адлеиба имҩаҿы ақәаршыҩцарҭатә коллекторқәа рышьҭаҵаразы аусурақәа мҩаԥысуеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Алашарбага араион аҟны ақәаршыҩцарҭатә коллекторқәа рышьҭаҵаразы ицо аусурақәа ахыркәшарахь инагоуп, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь апресс-маҵзура.
Аӡиас Ӡаԥшь иху ацҳа аҟны ишьҭоу аколлекторқәа акыр шықәса рхыҵуеит, рылшарақәа ԥкуп, уи иахҟьаны ақәаршыҩ анлеиуаз аӡы шьҭыҵны амҩаду ианылон.
"500 миллиметр иҟоу атрубақәа рышьҭаҵара ҳаҿуп, 50 метра. Ари амҩахәҭаҟны еснагь аӡы анын, ара ишьҭоу ақәаршыҩцарҭатә коллекторқәа 60 шықәса рхыҵуеит, аҵлақәа рдацқәа аԥхасҭа ду анаҭеит, аӡыршьҭра иаԥырхаган. Ақәаршыҩцарҭатә цәаҳәа ҿыцқәа анышьҭаҵахалакгьы ари апрблема аԥыххоит", - иҳәеит Аҟәа ақалақь Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.
Уи аԥхьа ари ахырхарҭала атроллеибусқәа рныҟәара аанкылан, ари аҭагылазаашьа рхы иархәаны аусзуҩцәа атроллеибустә шьаҟақәа ықәыргеит.
Иазгәаҭоуп Алашарбага араион аҿы атроллеибусқәа рныҟәара шхацыркхо абҵара 14 рзы.
Аԥсны
Алашарбага араион аҿы атроллеибусқәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп