Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аҳалалра аиармарка даҭааит

Аиармаркаҿ еизгахо аԥарақәа зегьы ахәыҷырацәа змоу Амҷаа рҭаацәара ирыҭахоит. Аҭаацәара рыҩны блит абҵара 4 азы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа азеиԥшҵаратә школ "Алашара" аҿы еиҿкааз Аҳалалра аиармарка даҭааит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аиармаркаҿы аиҵбыратә классқәа рҵаҩцәа иӡырыргеит еиуеиԥшым атәылақәа рмилаҭтә чысқәа. Аслан Бжьаниа ахаа-мыхаа ааихәеит, иаадырԥшыз агәыҳалалраз ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ахада иара убасгьы ашкол анапхгара, арҵаҩцәа, аҭаацәара ҭабуп ҳәа реиҳәеит ауснагӡатә азы.
"Аҵак ду аманы иҟоуп ахәыҷқәа ирылашәааӡо аразра, ацхыраара зҭаху изхьаԥшра. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит зегьы" - иҳәеит ахада.
Аҟәатәи азеиԥшҵаратә школ "Алашара" аҿы еиҿкаан Аҳалалра аиармарка. Аиармаркаҿ еизгахо аԥарақәа зегьы ахәыҷырацәа змоу Амҷаа рҭаацәара ирыҭахоит. Аҭаацәара рыҩны блит абҵара 4 азы.
Аԥсны
Алада Ԥшьаԥ ақыҭан анхарҭа ҩны блит