Аԥсны

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәанчахәы аҭаразы абҵарамзатәи аихшанҵа шьақәнаргылеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәанчахәы ашаразы абҵарамза 2022 шықәсазтәи аихшанҵа шьақәнаргылеит.
Атәанчахәы рыҭара иалагоит абҵара 16 инаркны.
1950 шықәсанӡа ииз актәи агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа атәанчахәы рыҭахоит абҵара 16, 17, 18, 21 рзы.
1951-1956 шықәсқәа рзы ииз атәанчаҩцәа атәанчахәы рыҭахоит абҵара 22, 23, 24, 25 рзы.
Абҵара 29 инаркны атәанчахәы рызшахоит 1957 шықәсеи уи ашьҭахьи ииз атәанчаҩцәа.
Атәанчахәы рыҭахоит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы рҟны атәанчаҩцәа ашәҟәы иахьҭаҩуи иахьынхои иахьмырԥшкәа.
Аԥсны
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи ахымхәацәеи ртәанчахәқәа ирыцҵахоит