Аусура хацнаркит "Азакәан апроектқәа раԥҵара" захьӡу аиҳабыра реилазаара асаит аҟәша, уаҟа апарламент аҿы ирыдрымкылац азакәан апроектқәа рбареи рыхцәажәареи рзы алшара ҟалоит.
Ажәалагала ахаҭа даара ибзиоуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Габуниа. Аҳәынҭқарраҿы Аконституциа инақәыршәаны иреиҳаӡоу мчыс иҟоу ажәлар роуп, ҳәарада, алхрақәа ҳхы шрылаҳархуа еиԥш, ари аус аҿы ҳлагалагьы ыҟазар ауеит, алҵшәагьы аиуеит ҳәа сгәы иаанагоит иҳәеит азиндырыҩ.
"Аҳәынҭқарра ишьақәнарӷәӷәо ашәҟәқәа зегьы аартуп, имаӡоу ақьаадқәа рыда, уи ахархәашьа шыҟоу атәы сызҳәом, аха ауадаҩрақәа ахьыҟоугьы ыҟоуп, аха ажәлар ирдыруазароуп. Дарбанзаалакгьы имазар ауеит аидеиақәа, анаҩс азиндырыҩцәа аус адуланы азакәан аҿы иадырбар рылшоит. Даара ибзиоуп ҳәа сазхәыцуеит ари аус", - иҳәеит Габуниа.
Гьаргь Габуниа еиҭеиҳәеит ихаҭа ас еиԥш алшара ихы иаирхәо иаимырхәо атәы.
"Азакәан зхы иазырхәо еиҳа ибарҭоуп уи иамоу агха. Ауаҩы уск азы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь даннеиуа иԥылоит ауадаҩрақәа, сгәы иаанагоит, уи аганахьала иаҳа ирмариатәуп азакәанқәа ҳәа, абри аҿы ажәлар цхыраагӡазар алшоит", - иҳәеит Габуниа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.