Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рыҟны аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит

Украина аоперациа ҷыда ианалага, жәабран 24 ашьҭахь аԥырраз аԥкрақәа алагалан, изныкымкәагьы рыҿҳәара иацҵан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аҳаиртә транспорт Афедералтә маҵзура (Росавиациа) Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рыҟны аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит абҵара 21 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥаны аус шыруц ируеит. Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа ахархәара рырҭоит Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Москва рҳаирбаӷәазақәа.