Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Днепр армарахьтәи аганахь риагара хыркәшоуп

Иазгәаҭоуп арыӷьарахьтәи аган аҿы ар, атехника, абџьар ҳәа акгьы шныжьым.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Херсонтәи ахырхарҭаҿы Урыстәылатәи аруаа Днепр аӡиас армарахьтәи аганахь риагара хыркәшоуп абҵара 11 ашьыжь асааҭ 5 азы, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Аруаа, аибашьыга техника, абџьар, аматериалтә хархәагақәа ԥырхага рымам. Аграждантә хаҿқәа, Херсонтәи аобласт арӷьарахьтәи ахәҭа аанзыжьыр зҭаху зегьы рахыгара еиҿкаауп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Убри аан иазгәаҭоуп, аӷа изныкымкәа ар арӷьарахьтәи аган аҟынтә армарахьтәи аган ахь риагаарн ахысра шҭеиҵоз америкатәи РСЗО "HIMARS" ареактивтә системақәа рыла.
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа 28 реактивтә хгәыцә карыжьит, аҽа хәба рхырхарҭа иқәҟьан. Украинатәи арҟәшақәа аанкылан Днепр аԥшаҳәаҟынӡа 30-40 километра ахьыбжьаз артиллериеи авиациеи рхархәарала.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу адҵа ҟаиҵеит ар Днепр армарахьтәи аган ала иқәгазарц
Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Еиду урыстәылатәи ар ргәыԥ адҵаҟаҵаҩ Сергеи Суровикин иажәадгала дақәшаҳаҭхеит Херсонтәи аобласт аҿы Днепр армарахьтәи аган ала ахырӷәӷәарҭақәа реиҿкааразы.
Еиду урыстәылатәи ар ргәыԥ адҵаҟаҵаҩ Сергеи Суровикин уажәаԥхьа иҳәахьан иахьазы арегион аҟынтәи ишалгоу 115 000-ҩык ауааԥсыра. Ари ахырхарҭаҟны нанҳәа-цәыббра амзақәа рзы аӷа иоуз ацәыӡқәа 9,5 ҩык рҟынӡа инаӡоит, урыстәылатәи аган иамоу ааха акырӡа еиҵоуп.