Амхы, акалаҭ, ауардын, ашыла: аԥш инаркны абысҭанӡа

Sputnik
Уажәы ҳазҭагылоу абҵарамза аҽаҩра аингалара иашыкьымҭоуп. Анхацәа рҽаҩра еизыргоит, аџьықәреи ҿырхуеит, аҩы ҭарҭәоит, ашәырхкқәа дырҩоит, рырахә рхәы еиқәдыршәоит.
1 / 17

Аџьықәреи акультура Аԥсны иқәнагалеит XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы.

2 / 17

Аџьықәреи алаҵара иалагоит лаҵарамзазы, анаҩсан идрашәоит, аҿыхра иалагоит ҭагалан, ибзианы ианҩалак.

3 / 17

Уажәы ҳазҭагылоу абҵарамза аҽаҩра аингалара иашыкьымҭоуп.

4 / 17

Аҽаҩра аҭагалара, аингалараҿы ацхыраара узҭо маҭәарқәоуп: амагана, акалаҭ, ауардын, аҷҟарапат уҳәа.

5 / 17

Аџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь арахә рзы аԥҳә аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит.

6 / 17

Уи ҷҟарапатла аҵлақәа рҿы еиқәҵаны иҟарҵоит.

7 / 17

"Амхурсҭа аҳкәажә" ҳәа ззырҳәо аџьықәреи аарыхны ацаҟынӡа анагаразы шаҟа џьабаа аҭахузеи? Адгьыл ацәаӷәара, алаҵара, арашәара, аҭагалара уҳәа.

8 / 17

Аԥсны иҟоуп еиуеиԥшым аԥш жәлақәа: аԥш шкәакәа, аԥш ҩежь, аԥш ҟаԥшь, аҩсҭаа иԥш уб.иҵ.

9 / 17

Аџьықәреи цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.

10 / 17

Аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит.

11 / 17

Ҭагалан уажәааны анхацәа рымхқәа анҭаргалалак, ршәыр-рқәыр, руҭраҭых ҿыхны ианалгалак, аҽаҩраныҳәа мҩаԥыргоит.

12 / 17

Аџьықәреи аӡлагараҟны ирлагоит, анаҩс ашыла алыхәҭала ирхәуеит.

13 / 17

Ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә ауп.

14 / 17

Аԥсны ируеит ҩ-хкык абысҭа. Очамчыратәи абысҭеи гәдоуҭатәи абысҭеи.

15 / 17

Аџьықәреи иалху ашыла ашьақар, акрахмал, авитамин В1 алоуп. Иара ирласны иухаҳауа акакәны ишьоуп.

16 / 17

Абысҭа ԥханаҵы ашәеилаҵеи ашәхарҩеи аларҵоит.

17 / 17

Иара убас абысҭа уаҳа наҭахымкәа ианаалоит аџьыкҵәаҵәеи ашьыхәи рылаҵаны ирҟәыҷу ашәаӡа агәылаҵаны.