Аԥсны

Аҟәа аԥшаҳәаҿы апальма ҿыцқәа еиҭарҳаит

Аҟәа аԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара иалагеит 2019 шықәса анҵәамҭазы. Усҟан Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Аԥсуа драмтеатри акаҳуажәырҭа "Пингвини" рыбжьара еиҭарҳаит 70 ҵла.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа аԥшаҳәаҿы еиҭарҳаит вашингтониа захьӡу апальма ҿыцқәа 14. Абри атәы Sputnik акорреспондент данлацәажәоз илзеиҭалҳәеит ақалақь арԥшӡаразы анџьныр Кама Қәҭелиаԥҳа.
“Ари зыхә ҳаракны иршьо апальма хкы уаанӡагьы аԥшаҳәаҿы еиҭарҳахьан. Атәыла ахада иусбарҭеи атеатр ашҭеи рыбжьара ҭацәны иҟан, ҳара иҳаӡбеит уаҟагьы еиҭаҳҳарц", - лҳәеит Қәҭелиаԥҳа.
Аиҭаҳатәқәа ааргеит аҳҭнықалақь ахадара лҳәеит лара.
Иара убас Қәҭелиаԥҳа ишылҳәаз ала, аҵла ҿыцқәа еиҭарҳаит Ахада иусбарҭа иавсуа аӡиас аԥшаҳәа иаваршәны. Урҭ зшьапы иашоу аџьҵлақәа роуп.