Аԥсны

Беслан Џьопуа еиҭеиҳәеит Ҟрым аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҿы излацәажәаз

Аԥсны Аминистрцәа реилазаареи Ҟрым Аминистрцәа рхеилаки рыбжьара Атауар-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, агуманитартә усеицура иазку Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит абҵара 9-10 рзы Симферополь.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Амшыни адгьыли рҿы аимадарақәа, аекономика, аҵараҵара, акультура, аспорт уҳәа рызҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсни Ҟрыми Ртауар-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, агуманитартә усеицура иазку Аиҳабырабжьаратә комиссиа IV аилатәараан. Абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Џьопуа иажәақәа рыла, сынтәатәи аԥхынразы Ҟрым аԥснытәии урыстәылатәии аинвесторцәа алархәны иргылан аԥсыӡ шылеи аԥсыӡ хәшеи раарыхразы азауад. Аха уи макьана аусура иаламгаӡацт.
“Азауад дыргылахьеит, уи иақәхарџьын 400 миллион мааҭ раҟара. Аха проблемақәак ыҟоуп, урҭ уажәы ҳрылацәажәеит. Иара убас ҳалацәажәеит аинвесторцәа аԥсыӡкратә ӷбақәа аархәаразы акредит рыҭара алыршара азҵаарақәа. Ҳаиԥылара иалҵшәаны ҳара ҳазааит аӷбақәа раахәаразы 200 миллион мааҭ акредит рзоурыжьуеит ҳәа, иахәҭоу адокументқәа анеиқәыршәахалак ашьҭахь”, - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Апандемиа ҟалаанӡа рнапы аҵарҩит Ҟрым, Шәача, Аҟәа еимаздо амшынмҩа аартразы аиқәшаҳаҭра. Аха аҳәаақәа анадыркы ашьҭахь уи рзеиҿымкааӡеит. Ари азҵаара шыӡбатәу атәы иалацәажәеит уажәтәи аиԥылараан. Уи адагьы аӡбахә рҳәеит ареспубликақәа рыбжьара апассаџьыртә автобус абжьаҵара азҵаарагьы.
Уи адагьы аилатәараа ҟрымтәи аган Симферопольтәи ауниверситет ахь аԥснытәи абитуриентцәа рыдкылара ишазыхиоу.
Аԥсны
Беслан Џьопуа Ҟрым ахада Сергеи Аксионов диԥылеит
Аԥсны Аминистрцәа реилазаареи Ҟрым Аминистрцәа рхеилаки рыбжьара Атауар-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, агуманитартә усеицура иазку Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит абҵара 9-10 рзы Симферополь.
Иара убас абҵара 9 рзы Беслан Џьопуа Симферополь диԥылеит Ҟрым ахада Сергеи Аксионов.