Аԥсны

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы административтә зинеилагарақәа рхыԥхьаӡара иацлеит

Шәача имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә усбарҭақәа рзинхьчаратә ҟәшақәа рхаҭарнакцәа реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. 2022 шықәса рзы 306 ус хацыркуп аурыс-аԥсуа ҳәааҿы административтә зинеилагарақәа рзы, ари 10% рыла еиҳауп цыԥх абри аамҭа иаҿурԥшуазар. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхра Шәачатәи аҟәша.
Убри аан 106 ус хацыркуп аҭаҭын аалыҵ изакәанымкәа аиагаразы.
Ашьаусқәа жәаба хацыркуп:
убри ахыԥхьаӡараҿы ҩба - аҭаҭын аалыҵ изакәанымкәа аҳәаа ахыгаразы,
хԥа - анаркотикатә маҭәашьарқәа, апсихотроптә, зымч ӷәӷәоу амаҭәашьарқәа изакәанымкәа риагаразы,
хԥа - аҳазалхратә шәарақәа рымшәара афактқәа рзы.
Аҳазалхратә шәарақәа рымшәара иартәеит аа-миллион мааҭк раҟара. Зыӡбахә рымоу Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаанырцәтә машьынақәа ралагалареи рхархәареи рзоуп.
Аҳазалхыҩцәа агәаҭарақәа мҩаԥыргоит иара убас ашьаустә цәгьоурақәа рҟазшьа змоу 19 факт рганахьала.
Урыстәылеи Аԥсни рҳазалхратә маҵзурақәа реиԥалара иалҵшәаны рнапы аҵарҩит аҳазалхратә зинеилагарақәа раԥырҟәҟәааразы аицусмҩаԥгатәқәа рзы аԥкаанҵа.