АҞӘА, абҵара 14 – Sputnik. 1,5 нызқь тонна рҟынӡа амандарина Урыстәылаҟа Аԥснынтәи инагоуп ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхра.
Акоммерциатә партиақәа Урыстәылаҟа аалыҵ аиагара иалагахьан жьҭаара агәҭазы. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахыгоуп 130 тонна ацитрус шәырқәа.
Амандаринақәа рыдагьы аҭирахь инаргоит:
афеихоа - 530 тонна,
ахәырма - 51 тонна,
алимонқәа - 88 тонна.
Зынӡа Урыстәылаҟа ареспублика иалган инаргахьеит 2,2 нызқь тонна. Асезон иалагазар аҳазалхыҩцәа 31 административ ус хацдыркхьеит аԥкрақәа реилагара афактқәа рзы.
Убас, атәылауаҩ адокументқәа ацымкәа 200 кьыла амандарина аалыҵ амашьынала Аԥснынтә Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит. Азакәанԥҵара инақәыршәаны атәылауаа рхатә хархәараз ЕАЕС аҵакырахь аҳазатә шәарақәа рыда иаларгалар ҟалоит 1000 евро еиҳамкәа иаԥсоу, зыкапан 31 кьыла еиҳам атауар.
Пост из социальных сетей
Ииасыз ашықәс азы жьҭаарамза инаркны 2022 шықәса жәабранмзанӡа ашәҟәы иҭагалан 22 000 тонна амандарина.
Сынтәазы иазԥхьагәаҭоуп 50 000 тонна аҽаҩра аҭагалара.