Алтаи иаанкылоуп закәаншьаҭада Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иалагалаз амашьынақәа ҩба

Алтаитәи аҳазалхырҭа ҩ-шьауск хацнаркит аҳазатә шәарақәа рыҽрыцәхьакра афакт азы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Алтаитәи аҳазалхырҭаҿ идырбаандаҩит закәаншьаҭада, ԥаршеи документла Аԥснынтәи Урыстәыла иалагалаз автомашьынақәа ҩба ҳәа аанацҳауеит Алтаитәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Иазгәаҭоуп амашьынақәа документ ԥаршеила 2021 шықәсазы Урыстәыла атәылауаа ҩыџьа атәылахь ишаларгалаз. Адокументқәа рҿы иазгәаҭан дара аԥснытәи афирмақәа ирхаҭарнакушәа, амашьынақәагьы жәларбжьаратәи амҩангарақәа ирзырхазшәа. Ари дара аҳазатә шәарақәа рымшәаразы алшара рынаҭон.

Аҭагылазаашьа иазоужьу аамҭа анца азинеилагаҩцәа амашьынақәа руак ахԥатәи ахаҿы иаадырхәеит.
Аӡбарҭа азинеилагаҩцәа 100-100 нызқьмааҭ ахараԥса рықәырҵеит, аҳазатә шәара - 4,6 млн мааҭгьы ршәароуп.