Аԥсны

Амҵәышәымпыл азы ахацәа ркомандақәа рыбжьара Аԥсны ачемпионат аатит Аҟәа

2022-2023 шықәсазтәи асезон аицлабрақәа ирылахәуп аа-командак.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Амҵәышәымпыл азы ахацәа ркомандақәа рыбжьара Аԥсны ачемпионат аатит Аҟәа абҵара 13 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Амҵәышәымпыл азы Аԥсны Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Шларба.
Иара иҳәеит ачемпионат ишалахәу акомандақәа ааба - "Дранда", " Аԥсны амҵәыжәҩақәа", "Аҟәа", "Спартак", "Гагра", "Гиуенос", "Гәдоуҭа", ААУ акоманда.
"Ачемпионат аатит акомандақәа "Драндеи" "Аԥсны амҵәыжәҩақәеи" реицыхәмаррала. "Аԥсны амҵәыжәҩақәа" 99:62 ҳәа аԥыжәара агеит. Анаҩс еицыхәмарит акомандақәа "Аҟәа" - ААУ. 80:49 ҳәа аԥыжәара агеит "Аҟәа", - ҳәеит иара.
"Гагреи" "Гиуеноси" рыхәмарра хыркәшахеит 53:79 ҳәа, "Гәдоуҭеи" "Спартаки" –76:39 ҳәа. Шларба иҳәеит ахәмаррақәа ишаадырԥшыз акомандақәа разыҟаҵара бзиа.
Ачемпионат иааиуа ашықәс азы ихыркәшахоит.
Амҵәышәымпыл азы Аԥсны Афедерациа аилахәыра "А-Мобаили" Россотрудничество Ахаҭарнакреи ҭабуп ҳәа ранаҳәеит иҟарҵаз адгыларазы.