Аԥсны

Аԥсны ашьапылампыл азы еизгоу акомандеи Адыгеиатәи акомандеи реицыхәмарра рҽазыҟарҵоит

Аԥсны ашьапылампыл азы еизгоу акомандеи Адыгеиатәи акомандеи аиҩызаартә еицыхәмарра мҩаԥыргоит абҵара 16 азы астадион "Динамо" аҿы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашьапылампыл азы еизгоу акомандеи абҵара 16 азы Адыгеиатәи акомандеи реицыхәмарра рҽазыҟарҵоит.
Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба иазгәеиҭеит ашьапылампыласцәа азыҟаҵара бзиа рымазар шакәу, уи азы иааиԥмырҟьаӡакәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргалар шахәҭоу. Иара убасгьы еиуеиԥшым ахәмаррақәа хымԥадатәиуп.
"Ааигәа имҩаԥысит Аԥсны Ачемпионати Аԥсны Ахраҿеи рзы аицлабрақәа. Ҳтәыла ахада Нхыҵ Кавказ –Адыгееи Ҟабарда-Балкариеи иҟазааран еиуеиԥшым аусеицурақәа дрылацәажәеит. Ҳара убри инақәыршәаны ашьапылампыл аусхк аҟны ҳаиныруеит", - иҳәеит иара.
Ҳагба иҳәеит Аԥсни Адыгеиеи реиҩызаратә хәмарра мҩаԥысуеит абҵара 16 азы, Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи реицыхәмарра – абҵара 23 азы ҳәа.
Аԥсны
Гәдоуҭаа аферымцәа: ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал
Аԥсны ашьапылампыл азы еизгоу акомандеи Ҟабарда -Балкариеи ркомандеи аиҩызаартә еицыхәмарра мҩаԥыргоит абҵара 23 азы астадион "Динамо" аҿы.