Мгәыӡырхәа инхо, аҭыԥантәи абжьаратә школ арҵаҩы Саид Гәынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы иԥсҭазаашьоу, инапы злаку аусқәа, хныҟәгагас ирымоу анхацәа, иқыҭаҟны атуризм аҿиара ахьынӡамоу, дахьииз, дахьааӡаз ақыҭа уаҵәтәи аԥеиԥш шибо.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.