Амҽыша абҵра 13 рзы Сҭампыл агәҭа иалсуа атуристтә шьаҟамҩа Истиклиаль аҿы аԥжәара ҟалеит. Убри аан аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа акгьы рмыхьит.
"Ҭырқәтәыла агәҭаҵәҟьа инаганы аҭҟәацра аҟаҵара ахьрылдыршаз џьоушьаратә иҟоуп. Акыр шықәса раахыс ас еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлацызт. Ауаа аршәеит. Ааха заузи иԥсызи маҷым. 40-ҩык ауаа аанкылоуп. Ирацәажәоит", - иҳәеит Аҟәысба.
Аҭанур иажәақәа рыла, Американтәи адышшылара Ҭырқәтәыла иахьаднамкылаз хшыҩзышьҭра зҭатәу фактуп. Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аполитика Америка иргәаԥхом, Урыстәылеи дареи реизааигәатәра Америка анырра анамҭар залшаӡом.
Аҭанур Аҟәысба иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла атерроризм азҵаара ҷыдала хылаԥшра арҭоит, агәыԥқәеи аиҿкаарақәеи рҿы арыцқьарақәа мҩаԥыргоит. Ари ахҭыс иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа аҳәынҭқаррақәа реиҿагылара даҽа мҩак ахь икылнагар алшоит ҳәа агәаанагара сымоуп иҳәеит аефир аҿы Аҟәысба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.