Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин адҵа ҟаиҵеит ЛжәРи ДжәРи рҿы астудентцәа арратә ҽеизакраҟынтә идырхынҳәырц

Арахь иаҵанакуеит ареспубликақәа Урыстәыла иалалааанӡа арратә ҽеизакрахь инаԥхьаз астудентцәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит уаанӡа аррамаҵзурахь инаԥхьаз ЛжәРи ДжәРи рҿы астудентцәа реизакра мап ацәкызарц. Абри атәы ааицҳауеит ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
"Уажәазы ДжәРи ЛЖәРи Жәлар рмилициа амчрақәа Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа ирыҵаркуеит. Путин адҵа ҟаиҵеит астудентцәа рышьҭахьҟа иргьежьны аҵара ахьырҵо аҭыԥқәа рахь инашьҭызарц", - иҳәеит Песков.
Астудентцәа рыҩныҟақәа рахь ирхынҳәхоит рҵара иацырҵаларц.
Урыстәыла цәыббра 21 аахыс имҩаԥысуан хәҭа-хәҭалатәи арратә ҽеизакра. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аррахь инаԥхьан 300 000-ҩык, раԥхьа иргыланы аррамаҵзура иахысхьаз, арратә ԥышәа змаз. Ахада идҵала астудентцәа рхы иақәиҭтәхоит.