Аԥсны

Анапылампыл азы ахацәа ркомандақәа рыбжьара ачемпионат мҩаԥгахоит Аҟәа

Атурнир иалахәхоит Аԥсны ариаонқәа зегьы рҟынтәи акомандақәа быжьба, иара убас ААУ акомандеи.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Анапылампыл азы ахацәа ркомандақәа рыбжьара ачемпионат мҩаԥгахоит Аҟәа абҵара 18 азы, абри атәы аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Ачемпионат аҟны еиндаҭлоит Аҟәа, Очамчыра, Гагра, Пицунда, Агәыӡера, Аҷандара, Аҳәынҭуниверситет ркомандақәа.
Атурнир мҩаԥгахоит Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол аҿы. Ахәмаррақәа ирылагоит асааҭ 11:00 рзы.