Аԥсны

ЕгрыГЕС алшарақәа ԥкхар алшоит аӡы аҩаӡара ахьылаҟәыз иахҟьаны

Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы 412 метра иахьылаҟәыз азы ЕгрыГЕС аусураҿы аԥкрақәа алагалахар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ЕгрыГЕС адиректор хада Леван Мебониа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәра шәарҭараны иамоу атәы.
"Аҭагылазаашьа уадаҩ аҭыԥ аиуит. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы 419,5 метратәи арбагаҿы илеит. Аӡлеира Аԥсны аҭахрақәа 45% роуп иабо", - иҳәеит иара.
Иаанхаз алшарақәа 412-413 метра, амчыбжь анҵәамҭаз урыстәылантәи алашара аашьҭра иаламгар, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭақәа рымацара ракәхоит зымаҵ аур алшо ҳәа иҳәеит Мебониа.
"ЕгрыГЕС аангылом, аха аусура акыр иԥкхоит. Сгәыӷуеит, Урыстәыла алашара аашьҭра иалагап ҳәа", - иҳәеит иара.
Егры ГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәсазы. 272 метра зыҩаӡара ыҟоу аплотина Қырҭтәыла аҵакыраҿы игылоуп, атурбинақәеи агенераторқәеи – Аԥсны аҵакыраҿы. Шықәсык аҩныҵҟа ЕгрыГЕС х-миллиардки 700 миллиони киловатт-сааҭ аунашьҭуеит.