2015 шықәса раахыс арахә аҳҭнықалақь алаҵаразы азин ҟазымҵо Ақалақьтә еизара ақәҵара амч амоуп. Ус еиԥш иԥшаахаз аԥшәмацәа ирықәҵахоит ахараԥса 5 нызқь мааҭ, анаҩс еиҭа уи арахә иаанкылахар, ашьра ақәҵоуп.
Ҽаҩраҭагалан арахә рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәахоит, уи зыхҟьогьы рыфатә ахьмаҷхо ауп иҳәеит Кәыриԥа арадиоефир аҿы.
"Ҳнаплакаҿы шьыжьымҭан инаркны хәлаанӡа аузуҩцәа арахә хылаԥшра рырҭоит. Иахьазы ахкаара ҟаҵаны иахьҳамоу 11 цыра ҭакны иҟоуп. Аԥшәмацәа ааин, ҳрацәажәон, ахараԥса ршәар шахәҭоу раҳҳәеит. Ианаанаҳкыло ашьҭахь, ҩымш ааҵуаны еиԥш, аԥшәмацәа рырахә иашьҭалан иаауеит. Аӡәгьы даныҟам, телехәаԥшрала аӡыргара ҟаҳҵоит. Арахә мчыбжьык ара иҭакны ианҳамазгьы ҟалахьеит. Уи азы рыфатә еиқәыршәаны иҳамоуп", - иҳәеит Кәыриԥа.
Аҟәа ақалақь амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" аиҳабы иҳәеит ауаа аилкаара шрымоу, рҳәатәы ишацныҟәо.
Кәыриԥа иҳәеит иахьа уажәраанӡа иаанкылаз арахә ашьра шрықәымшәац, аха убри аан игәалаиршәеит зны иҭакны ирымаз аҳәақәа ирышьҭалан аӡәгьы дшымааз, урҭ анаҩс агәыҳалалратә фонд ишаҭаз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.