Аԥсны

Шәача ԥшьҩык ауаа рус рыӡбеит Аԥснынтәи асигареҭқәа рконтрабандаз

Аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада Урыстәылаҟа иаларгалеит адәыӷба "Аҟәа-Москва" авагонқәа руак атамбур аҿы иҵәахны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Волетт Адлеиба, Едуард Миносиан, Ахледдин Багиров, Иури Лоза Шәача рус рыӡбеит Аԥснынтәи асигареҭқәа рконтрабандаз. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аӡбарҭақәа рыпресс-маҵзура.
Зус рыӡбаз арҭ ахаҿқәа 2020 шықәсазы Аԥсны 20 000 ҭоԥ асигареҭ акцизтә маркада иаархәеит. Аџьармыкьатә хәыԥса иартәеит 2 млн мааҭ. Дара аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада Урыстәылаҟа иаларгалеит адәыӷба "Аҟәа-Москва" авагонқәа руак атамбур аҿы иҵәахны.
Адлеиба 4 шықәса ихақәиҭра далхәдаатәуп, Миносиан - 5,5 шықәса, Багиров - 4,5 шықәса, Лоза - 8 мзы. Зус ӡбоу рхара рхыргоит азеиԥш режим иаҵанакуа аколониаҿ.
Азыӡба азин мчра аиуит.