Аԥсны

Алаҳаӡытәи агәамкаԥсарҭаҿы ацрыҵқәа амца ркит

Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу агәамсамкаԥсарҭахь есыҽны ацрыҵқәа наргоит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16– Sputnik, Бадри Есиава. Алаҳаӡытәи агәамкаԥсарҭаҿы ацрыҵқәа амца ркит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ақыҭа ахадау Дауҭ Ажьиба.
"Хымш-ԥшьымш рыҩныҵҟала ацрыҵқәа анышәаӡа рықәрыԥсоит. Уи аҽазырхиара аҭахуп. Амца арцәараз анышә рацәаны иаҭахуп, иаҭахуп атехника. Макьаназ амца аҽеибанамыркыцт", - иҳәеит иара.
Ажьиба иажәақәа рыла агәамкаԥсарҭаҿы ас лассы-лассы иҟалалоит. Ииасыз ашықәс, аԥхынразгьы асеиԥш аҭагылазаашьаан аусурақәа мҩаԥган.
Иара иҳәеит ақыҭа ауааԥсыра макьаназ иашшуам, алҩа аӡәгьы иԥырхагамхацт ҳәа. Амцакра мзызны иамазара ҟалоит еиуеиԥшым аметаллқәа зыԥшаауа амцацраҵара мҩаԥыргазар.
Аԥсны
Аԥсны агәамсам аидкылареи аус адулареи
Алаҳаӡи Ԥсахареи ақыҭақәа рҳәааҿы 1950-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы агәамсамкаԥсарҭа ауаа рхала еиҿыркааит. Усҟан агәамкажьырҭа гектарк иҟан. Аибашьра ашьҭахь ҩеижәантә рҟынӡа аҵакыра иацлеит. Агәамкажьырҭа ҩеижәа гектар инаӡоит, лассы-лассы амцакрақәагьы ахылҿиаауеит.
Арахь аҟьамсар ааргоит Гагра араион зегьы аҟынтәи. Гәдоуҭа араион аҟынтә аҟьамсар Алаҳаӡы ақыҭахь ирго иалагеит Ҟәланырхәа ақыҭа руааԥсыра 2017 шықәсазы аҿагыларатә акциа анымҩаԥырга ашьҭахь.
Гагра агәамкаԥсарҭа зыҩнқәа ааигәоу ауаа реиԥш араион маҷ "Кемпинг" аҿы инхогьы ауадаҩрақәа рызцәырнагоит. Ара лассы-лассы амцакрақәа хәыҵҟьоит.
Аԥсны
Аҟәа ахада еиҭеиҳәеит Аҳабла ҿыц аҟны иҟоу агәамсамкаԥсарҭа азҵаара аныӡбахо