Арадио

Ӷәазаа: Урыстәыла сахысны џьаргьы сызцаӡом, аха сгәы камыжькәа сҽазыҟасҵалароуп

Атлетика хьанҭазы Урыстәыла аԥхьахә агаразы Тула имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы аԥсуа спортсмен Елҟан Гәазаа актәи аҭыԥ ааникылеит. Арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы аспортсмен еиҭеиҳәеит атурнир аҿы аиааира агара шилшази атлетика хьанҭахьы инеиреи шыҟалази ртәы.
Sputnik
Шьҭа аа-шықәса ҵуеит Ҭаҭарсҭан ахьӡала сықәгылоижьҭеи, сазыҟаҵаҩцәа гәырӷьоит, уара иуиааиуа Урыстәыла макьана аӡәгьы даҟаӡам ҳәа сарҳәоит, Урыстәыла сахысны џьаргьы сызцаӡом, аха сгәы камыжькәа сҽазыҟасҵалароуп, ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараан Елҟан Гәазаа.
Уажәтәи аицлабрақәа шымҩаԥысыз атәы дазааҭгыло Елҟан иазгәеаиҭеит, еиҳау аидара шьҭихырц шилшоз.
"Сара ишьҭысхит 122 кьыла. Сара срекорд ҷкәынак иқәиххьан, саргьы иара итәы иқәысхып ҳәа сгәы иҭан, аха исылымшеит. Сзыцлабуаз аспортсменцәа ыҟаӡамызт азы, сгәы ҭынчны сықәгылеит. Даҽаӡә дыҟазҭгьы, сааигәара игылоу, иаҳа сҽеидыскылон. Актәи аҭыԥ ааныскылеит, скатегориаҿы сара соуп иаԥхьагылаҩны иаанхаз. Исиааиуа макьана аӡәгьы дыҟаӡам", - иҳәеит Елҟан.
Аԥсуа спортсмен иҳәеит, уажәтәи атурнир аҿы ишалырԥшаауаз Урыстәыла еизгоу команда иалало. Аспортсмен уажәшьҭа Урыстәыла Ачемпионат ишҽазыҟаиҵо.
Елҟан еиҭеиҳәеит ихьанҭоу атлетикахь дышнеиз, Џьырхәантә Ҭаҭарсҭанҟа ицара шыҟалази, уи аӡбамҭа иҭаацәа ишрыдыркылази ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.