Арадио

Бебиаԥҳа аԥсуа журналистцәа рзы аспирантура аартразы: шьаҿа дууп

ААУ аспирантура аҟәша иаднакылеит ажурналистцәа- аспирантцәа. Раԥхьатәи аԥышәара хыркәшоуп, анаҩс ирзыԥшу аҵара апроцесси аиԥш зеиԥшу ахҭыс амҩасшьа зыбзоурахази арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит ажурналист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа.
Sputnik
Раԥхьаӡа акәны хҩык аспирантцәа ҳадаҳкылоит, дара х-ԥышәарак арҭаран иҟоуп. Актәи - азанааҭ ҵара иазкны иарҭахьеит, аҩбатәи афилософиа, анаҩс атәым бызшәақәа руак, ҳәа адырра ҟалҵеит Бебиаԥҳа.
"ААУ аҿы иҟоуп аспирантура аҟәша. Акырантә еибаҳҳәахьан ажурналистика аганахьала шьаҿақәак ҟаҳҵар ҳҭахуп ҳәа, аха ҳҽазҵәылхны ҳашьҭамлацызт ҳаргьы. Алеко Гәарамиа ихы иҭагаланы абас иаҳҭахуп ҳәа ианиаҳҳәа, ақәҵара идикылеит. Сынтәа нахыс аспирантураҿы иҟоуп аҟәша ажурналистцәа зааӡо. Шьаҿа дууп, аха аусура даара ирацәаны иаҭахуп. Дара аспирантцәа рзы аиҳагьы, ҳара акафедраҿы аус зуа ҳзы, избанзар, ари ҳара ҳзы иҿыцуп. Ҳгәы иҭоуп адырра еизырҳарак аҳасабала Моксватәи Ҟәбинатәи ауниверситетқәа рҿы алекциақәа рхысра", - еиҭалҳәеит Бебиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.