Аԥсны

Быҭәба Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭаҿы аилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәараан ирзааҭгылан еиуеиԥшым аусутә зҵаарақәеи аҭыԥ змоу апроблемақәеи.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭаҿы аилацәажәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ацентр аҳақьым хада Нарҭ Гамгьиа иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы ачымазцәа рхыԥхьаӡара иацлеит.
"Ҳпациентцәа хәыдаԥсада ахимиотерапиатә хәшәқәа роуеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҩынтәны ахирургиатә знеира иацҵоуп. Уи алыршахеит иҿыцу ахирургиатә хархәагақәа ахьҳауз", - иҳәеит иара.
Аԥсны
2023 шықәсазы Аԥсны амедицинатә ԥгаԥса Афонд абиуџьет аиҳарак ахимиахәшәқәа ирыздырхоит
Гамгьиа иҳәеит ахимиотерапиаз ахәшәқәа еиԥҟьарада ишроуа, апациентцәа акгьы шнарымго. Убри аан аҳақьым хада иазгәеиҭеит, ацентр аендоскопиатә ԥҟарҭа шаҭаху, акьыбачымазара заанаҵы аҭҵаараз амаругақәа шхымԥадатәиу.
Ахимиотерапиа аҟәша аиҳабы Сариа Адлеиаԥҳа илҳәеит ареспублика ауааԥсыра реиҳараҩык ара рҽыхәшәтәра шырҭаху. Лара лажәақәа рыла 50 пациент 400 - 600 нызқь мааҭ иаԥсоу ахәшәқәа рырҭахьеит.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиаԥҳа Аԥсны акьыба чымазара аҷыдарақәа ирызкны