Аԥсны

Бзыԥ ақыҭан аҽырыҩра мҩаԥгахоит

Аҽырыҩра, аҽылампыл, аҽырхәмарра реиԥш иҟоу аҽы-спорттә хәмаррақәа мҩаԥгахоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16- Sputnik. Бзыԥ ақыҭан абҵара 19 азы аҽырыҩраз ачемпионат мҩаԥгахоит, абри атәы аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.
Аицлабрақәа ирылагоит асааҭ 11:00 рзы.
Аицлабрақәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥгахоит 1400, 1600 и 2000 метра аҽқәа реиԥхныҩлара, СССР аспорт азҟазацәа Оҭар Ҷанба, Авксенти Ҭарба, Алықьса Лакрба, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза Харлам Симониа рыхраҿақәа роуразы.
Иара убасгьы аҽырыҩра алахәылацәа имҩаԥыргоит аҽырхәмарра, аҽымпылхәмарра, аҵәыршәра.