Аԥсны

Елҟан Гәазаа атлетика хьанҭазы Урыстәылазегьтәи аицлабраҿы даиааиит

Абҵара 14 рзы имҩаԥысуаз атлетика хьанҭазы Урыстәылазегьтәи аицлабраҿы Елҟан Гәазаа даиааиит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Елҟан Гәазаа ақәыԥшцәа рыбжьара атлетика хьанҭазы Урыстәылазегьтәи аицлабраҿы даиааиит.
Гәазаа диит Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан. Иара 12 шықәса анихыҵуаз инаркны Д.И. Чагәаа ихьӡ зху Калдахәаратәи ашкол-интернат атлетика хьанҭа асекциаҿы иҽазыҟаиҵон.
"Аԥхьа сара ашьапылампыл салан, нас ақәԥарахь сиасит. Атлетика хьанҭа азал аҿы саннеи, азыҟаҵаҩ саниҿцәажәа – исгәаԥхеит. Азыҟаҵаҩ Иасон Михаил-иԥа Кьахьба сазыҟаҵара далагеит, еиуеиԥшым аицлабрақәагьы рылахәхара салагеит", - иҳәоит иара.
Шәачатәи иқәгыларақәа руак аан аԥснытәи аспортсмен аолимпиатә резерв аҵараиурҭахь, Казанҟа днарыԥхьеит.
"Урыстәылатәи азыҟаҵаҩцәа сазыҟаҵаҩцәа ирыҳәеит Казанҟа аҵарахь соурышьҭырц. Сҭаацәа ари ргәамԥхеит. Саб сиҳәеит, "иудыруеи ак сылҵыр" анысҳәа – дақәшаҳаҭхеит. Аха уа сеиқәымшәар акала шьҭахьҟа сшааигоз сеиҳәеит", - иҳәоит аспортсмен.
Аԥсны
Елҟан Гәазаа аџьаз медал даиааит Урыстәылазегьтәи аԥхынтәи аспортхкқәа рыспартакиадаҟны
Иара иҳәеит Казанҟа ииасра испорттә мҩаҿы ишхәарҭа духаз.
Елҟан Гәазаа Урыстәыла дачемпионуп, Урыстәыла Ахраҿа ианашьоуп, Урыстәыла ачемпионатқәа рҿы араӡны ҩаӡара имоуп, дрекордсменуп, Урыстәыла аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихуп. Уажәы Аолимпиатә резерв иатәу Казантәи аҵараиурҭаҿы аҵара иҵоит, Марат Мадиаров инапхгарала иҽазыҟаиҵоит.
Уаанӡа аспортсмен Д.И. Чагәаа ихьӡ зху Калдахәаратәи ашкол-интернат атлетика хьанҭа асекциаҿы иҽазыҟаиҵон СССР аспорт азҟаза Иасон Кьахьба инапхгарала.
Елҟан Ӷәазаа атлетика хьанҭазы арекорд шьақәыргыланы Урыстәыла дачемпионхеит