АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Гал араион ауааԥсыра 22 630-ҩык аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыҭоу, абри атәы лҳәеит "Гал-ТВ" аинтервиу азҭаз Гал араион аҿы атәылауаҩратә ҟәша аиҳабы Ельвира Аршԥҳа.
Урҭ рҟынтәи 1130-ҩык – Аԥсны атәылауаҩшәҟәы рыҭоуп, 21 500-ҩык – анхараз азин рыҭоуп.
"Ажәытә тәылауаҩшәҟәы аҿыц формала аԥсахра мҩаԥысуеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩреи Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ итәылауаҩшәҟә иҭареи, имазаареи, ашәҟәҭагалареи рзы аинструкциеи рзы" азакәан инақәыршәаны. Анхараз азин аиура ма адокумент аԥсахра мҩаԥысуеит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аҳәаанырцәтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьаз" азакәани атәылауааи ма атәылауаҩра змам ахаҿқәеи анхараз азин рыҭара амҩаԥгареи ма аԥыхреи ринструкциеи инарықәыршәаны", - лҳәеит лара.
Адокументқәа рыҭара раанкылара аҭыԥ аман атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны. Иахьа урҭ амзызқәа аԥыхуп ҳәа лҳәеит Арышԥҳа, иагьацылҵеит, адокумент "Форма №9" шрырҭо Аԥсны атәылауаа ртәылауаҩшәҟәқәа рыҭареи ашәҟәы рҭагалареи рыԥҟарақәа инарықәыршәаны.
Аформа №9 аҭара ҟалоит Аԥсны атәылауаҩшәҟә аиура азҵаара иахьынӡахәаԥшуа атәылауаҩ иҭаххарала, ҩымз ҿҳәарас иаҭаны. Анхараз азин аиуразы арзаҳал назышьҭыз азакәан инақәыршәаны азин рымам аамҭала рхаҭара шьақәзыргыло адокумент –Аформа №9 рыҭара ҳәа лҳәеит Арышԥҳа.