АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ацрыҵҳақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рымҽхак аҟазауаа ишьақәдыргылеит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа.
Лара илҳәеит ахархәага ҿыцқәа рықәыргылареи аусзуҩцәа ахархәашьа дырҵареи налаҵаны азеиԥш хәыԥса 4,5 миллион мааҭ иштәо.
"Ацрыҵҳақәа рысхема шьақәҳаргылар акәын, избанзар ахԥатәии аԥшьбатәии аизакырҭақәа ахыбра аусурахь ианынарышьҭ инаркны аус руамызт. Убри азоуп урыстәылантәи аҟазауаа зааҳаԥхьазгьы. Дара аҭагылазаашьа ҭырҵааит, атехнологиатә процесс шымҩаԥысша атәы ҳзеиҭарҳәеит". - лҳәеит Ҷанԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аҭагылазаашьа шаруадаҩуа ахәшәтәырҭа аҩнуҵҟатә ҳақәа рысхемақәа рыҟамзаара.
Асанитартә ҳақьым хада лажәақәа рыла аусурақәа ирыхәҭоу аԥара аусбарҭа иамам, убри азы атәыла анапхгарахь аҳәара ҟарҵараны иҟоуп ацхырааразы.
Арҭ ахархәагақәа Аинвестпрограммала ахәшәтәырҭа анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь, 2016 шықәсазы русура хацыркын. Арыцқьаратә ргыламҭақәа ииашамкәа русура иахҟьаны ацрыҵқәа ахәшәтәырҭа иаԥну аҵакырахь иқәлоит, Ҟәланырхәаҟа узго амҩала аӡиас Гәдоу иалалоит.