Аԥсны

Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи аҟәша аартхоит Аԥсны

Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәи аобласт, Запорожие, Аԥсны рхаҭарнакцәа алархәны астол гьыжь мҩаԥнагеит абҵара 15 азы Москва.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи аҟәша Аԥсны иаанартуеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны ахада Иусбарҭа аусзуҩ Милана Ҳашԥҳа.
Лара лажәақәа рыла Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара алахәылацәа аиԥылараҿы раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи аҟәша Аԥсны аартраз ажәадгала иақәшаҳаҭхеит.

"Аԥсныҟа ҳаныхынҳәлак аҟәша аартраз аусурақәа ҳрылагоит, иазҳархиоит иахәҭоу ашәҟәқәа. Ҳгәыӷуеит, хара имгакәа азҵаара ӡбахап ҳәа" - лҳәеит лара.

Ҳашԥҳа илҳәеит аԥснытәии урыстәылатәии аҭоурыхдырыҩцәа русеицура алҵшәа аман ҳәа. Абар 30 шықәса ирықәуп аибашьраан иблыз архив аиҭашьақәыргылара аҟазауаа рҽазыршәоижьҭеи.
"Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара раԥхьа иргыланы аҭоурых агәалашәара ахьчоит, аҿар рҭоурыхтә хдырра ааӡоит. Ари акраҵанакуеит", - лҳәеит лара.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Ашәбеи Ҳагԥҳаи ақырҭцәа ирблыз Аԥсны аҳәынҭқарратә архив иазкны
Аԥсуа делегациа аиԥылараҿы ажәадгала ҟанаҵеит 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара агәалашәаратә скульптура аргыларала азгәаҭазарц, Дмитри Медведев ихьӡ зху аллеиа шьаҭаркызарц.
Азҵаара иалацәажәоит. Аделегациа Аԥсныҟа ианыхынҳәлак аӡбра рыдыркылоит.
Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара 2012 шықәса рашәарамзазы ишьаҭаркын. Ари ҭҵаарадырратә уаажәларратә еиҿкаароуп, 1866-1917 шықәсқәа рзы аус зуаз Аимператортә ҭоурыхтә еилазаара иашьҭрақәлаҩуп.