Аԥсны

Агәыҳалалратә форум "Аҳалалратә усқәа раамҭа" Sputnik аҿы иӡыргахоит

Абҵара 17 асааҭ 14:00 рзы аинформациатә маҵзура Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥгахоит Агәыҳалалратә форум "Аҳалалратә усқәа раамҭа" аиҿкааҩцәа рпресс-конференциа.
Sputnik
Ауснагӡатә аԥшьаргеит иагьеиҿыркаауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра.
Иара еиҿнакаауеит аҟазаратә-классқәа, аҭҵаарақәа, аҿиаратә ҷыда ҟазшьа змоу ахәыҷқәа аконсультациақәа рзура амҩаԥгаразы ахәыҷтәы дабла (ЦРБ) ма аныҟәара-еиҭаҵратә аппарат (ОДА) ауадаҩрақәа змоу рыхәшәтәраҿ иналукааша урыстәылатәи аҳақьымцәа.

Алахәылацәа

Евгени Павлов – апроект анапхгаҩы, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра аусзуҩ.
Ада Кәарҷелиаԥҳа – Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ.
Саида Делԥҳа – Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ.