Аԥсны

Ахәаахәҭратә еикәыршара шеизырҳатәу далацәажәеит Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы адыррала Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара жәымз рыҩнуҵҟа ахәаахәҭратә еикәыршара аимпорт азы иартәеит 24 миллиард мааҭ, 4 миллиардк –аекспорт азы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭратә еикәыршара еизырҳахарц азы аҳәынҭқаррақәа рзакәанԥҵарақәа еишьаршәалалатәуп ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.
"Ари аҩыза аусурақәа цоит, асоциал-економикатә ҿиаразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аусурагьы налаҵаны. Ицәырҵуа азҵаарақәа рацәоуп, аизыҟазаашьақәа аус рыдулалатәуп. Ахәаахәҭратә хаҭарнакра азыхиоуп иарбан цхырааразаалак аҟаҵара", - ҳәа лҳәеит лара.
Ахаҭарнак лгәаанагарала акрызҵазкуа факторны иҟоуп арегионқәа аус рыцура.
"Ари аспект азхьаԥшра аҳҭо ҳалагеит, аиныррагьы иацҵахалоит. Арегионқәа аус рыцура аҿиаратә лшарақәа аанарԥшуа иалагоит. Дасу имоуп иҭахрақәеи имчлшарақәеи. Агәахәара унаҭоит ари аус аԥснытәи амчрақәа адгылара ахьарҭо", - ҳәа лҳәеит лара.
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицо аекспорт 4 миллиардк аҟынтә 1,6 миллиардк арыжәтә аалыҵ иаҵанакуеит. Кобесова лгәаанагарала арыжәтә аалыҵ иацлабыр ауеит ауҭраҭых, афатә-ажәтә, аӡы, аԥсыӡ, аргылара маҭәахәқәа.
"Ари аалыҵ зегьы аарыхреи аҭыжьреи рзы Аԥсны аҵаҵӷәы амоуп. Зҵааран ицәырҵуа норматив-зинтә актқәа аус рыдулароуп. Ишаҳҭаху аиԥш иццакымзаргьы абри ахырхарҭалагь аусурақәа цоит, иахьазы аус зуа ахәаахәҭра-економикатә система арҽеирақәа аҭо", - ҳәа лҳәеит лара.
Кобесова агәыӷра аалырԥшит хара имгакәа ихымԥадатәны иҟоу анорматив-зинтә актқәа аус рыдулареи аус руртә еиԥш рыҟаҵареи шалшаз аагәоуҭартә ишыҟало.