Аԥсны

Акультура аминистрраҿ иалацәажәеит Мықәтәи аныхабаа аиҭашьақәыгылара

Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи агәыҳалалратә концерт еицымҩаԥыргеит Мықәтәи аныхабааҿы абҵара 6 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Мықәтәи аныхабаа аиҭашьақәыгылара иалацәажәеит Аԥсны Акультура аминистрра аусутә еилацәажәараҿы, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
61 ԥенџьыр аԥсахраҿы ауадаҩра маҷқәа цәырнагоит, дара зегьы шәага-загала еиԥшӡам.
Аганқәа алацәажәеит аныхабаа аԥенцьырқәа зегьы рыԥсахра иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы еиқәдыршәарц.
Аԥсны
340 нызқь мааҭ инеиҳаны еизган Мықә имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт аҿы
Аилацәажәараҿ ишазгәаҭаз ала, иахьатәи аамҭазы агәыҳалалратә концерт ашьҭахь 350 нызқь мааҭ аԥара еизгоуп. Онлаинла аизгара цоит.