Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аракетақәа рыла Запорожеи Павлогради атәылахьчаратә зауадқәа ҩба рцехқәа еилаԥыххаауп

Урыстәылатәи ПВО системақәа ииасыз уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит украинатәи РСЗО HIMARS, "Ольха", "Ураган" рыхгәыцәқәа 15, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 6.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Аракетақәа рыла Запорожеи Павлогради абылтәи аракетатә хәҭақәеи иара убасгьы аелектроника ҭзыжьуаз атәылахьчаратә зауадқәа ҩба рцехқәа еилаԥыххаауп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Аракетақәа рыла икылкаан ахысрала Урыстәылатәи аруаа Запорожеи Павлогради абылтәи аракетатә хәҭақәеи иара убасгьы аелектроника ҭзыжьуаз атәылахьчаратә зауадқәа ҩба рцехқәа еилаԥырыххааит. Уи адагьы Запороже ақалақь аҿы еилаԥыххаауп аҭҵаарадырра-ааглыхратә комплекс "Искра" ацехқәа – аицҭырҟьаратә реактивтә системақәеи арадиолакациатә станциақәеи арҽеираз релектронтә хәҭақәа ахьыҭрыжьуаз", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәылатәи аруаа иаԥдырҟәҟәааит украинаа Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы ржәыларақәа хԥа. Иҭархоуп 60-ҩык аибашьцәа, атанкқәа ҩба, акәылӡмашьынақәа фба.
ЛЖәР аҿы украинатәи ар рцәыӡқәа 120-ҩык рҟынӡа инаӡоит.