Аԥсны

Аԥсны ААР аҳәаанырцә иҟоу ареспублика Ацҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәа разшьаҭара мҩаԥнагоит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи аҳәаанырцә иҟоу ареспублика Ацҳаражәҳәарҭақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи онлаин-еиԥылара мҩаԥыргеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азшьаҭаратә комиссиа ԥхынҷкәынмзазы ахәшьара рырҭоит аҳәаанырцә иҟоу ареспублика Ацҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа амедиацентр.
Акомиссиа аиҿкааратә усура мҩаԥыргоит аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи ААР Аппарат анапхгаҩы Владимир Ачбеи.

KPI система (хадара злоу арбага) Ацҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәа рзы иалагалахоит. Дара есымза имҩаԥыргаз атактикатәии астратегиатәии усура аҳасабырба аздырхиоит.

Егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭақәа русура иамоу алҵшәазы аҳасабырбақәа ес-ԥшьбара атәыла ахада изынашьҭлахоит.